Dasania iforum. Форум Дасаниа

Информация о пользователе

Привет, Гость! Войдите или зарегистрируйтесь.


Вы здесь » Dasania iforum. Форум Дасаниа » Аҧсуа Форум » Аҧсуа лафқәа


Аҧсуа лафқәа

Сообщений 1 страница 2 из 2

1

Анцәа Ду илҧха рымазааит асаит «akaamet.net» аҧызҵаз! Шәара, ҳаҭыр зқәу ҳфорум ахархәаҩцәа, ишәымоуп алшара ари асаит аҭаара, уи аҭҵаара, уиала шәгәалаҟара ашьҭыхра. Иахьа абраҟа ишәзанаҳҵоит зыӡбахә ҳамоу асаит аҟынтә ажәабжьқәак.

1. Ари зны абыргцәа ахьеилатәаз рҩыза дыхҭаркит – «Иҟалазеи, уанаџьалбеит, ҧҳәыск уара узы дышҧаҟамлеи? Ҧҳәысда, хшарада уҽуражәит. Абри змааноу ҳауҳәароуп» – ҳәа. Ихҭаркыз аҧхьаӡа дкәанызануан, аха нас – «Ас сыгәхьаа шәагозар, сҭоурых шәасҳәап», – иҳәеит. Саныҷкәыназ ӡӷабки сареи ҳаигәаҧхеибашьеит. Аҿа лсырҳәеит, ачара аҽҳәарагьы ҧҵәаны иҟан. Мышкы зны рқыҭа савсны сышцоз, сгәы иамузт рыҩны шыҟоу амҩала сцап, џьара харантә акәзаргьы дызбозар сҳәан, сышнеиуаз лара лхаҭа агәашә дылагылан. Аҧсшәа еибаҳҳәеит, – «Уааи, умҩахыҵ», лҳәеит. – «Ҟаҳ, ҟалашьа амоума, бани баби сырбар ҧхашьароуп» – сҳәан, исымурц салагеит. – «Урҭ ыҟаӡам, уахагьы иҟалаӡом», – лҳәеит. – «Баби бани ыҟамкәа ҳхала ҳаидырбалар нас ауаа рыбызқәа шыҟоу бдыруеит»… – ҳәа салаган, – «Уигьы агьаурым», – лҳәеит, «усгьы ирлас ҳаибагараны ҳаҟоуп, уи адагьы амш ахәлара иаҿуп, уабацои ҵхыбжьон, умҩахыҵ» – лҳәан, аҩныҟа сналгеит. Иаарласны схәы, сыҧхь лырхиеит. Краҳфеит, краҳжәит. Сара стәаны сахьлыхәаҧшуаз сгәы ҭгәырӷьаауан, ӡӷаб ӷәӷәак, еилҟьак Анцәа дахьсаҭәеишьаз. Сара усгьы ижәбо соуп, саныҷкәыназгьы абас сцәыхьӡа сыҟан. Ус сышьҭаларҭагь лырхиет. Сҽааилысхын ацәашьқәа ырцәан санышьҭала, ларгьы ауада дааҩнлан лҽеилылхын днасыкәаиеит. Сгәы насыҵасын снапы аалыкәсыршеит. Ларгьы убри дазыҧшызаарын лнапы насыкәлыршан, ани лымч ҭазза иҟамзи, слырӷәӷәацәеит. Саргьы ас ҟалоит ҳәа сахьазыхиамыз акәхап, амашәыр сымпыҵҟьеит. – «Ааат, абри иоума сара хаҵас исықәнагаз, раҧхьатәи ҳаицышьҭалараан абас сзызуыз» – лҳәан данҩаҵҟьа, аусқәа шҽеимхоз еилыскаан сымаҭәақәа сывараҿ асқам иахьықәыз неизыҳәҳәаны инасгәыҵаскын, сҧенџьыр сынкылҧеит. Уи ашьҭахь ҩынтәҟа, хынтәҟагьы аҧҳәысаагара сгәы иҭаскьхьан, аха ани сымаҭәақәа сгәыҵырҟәыҟәлан сқәасқәасуа рымӡырха сықәсны санцоз анаасгәалашәалак снаҟәыҵгәышьон. Убри оуп сара сҭоурых.

2. Аӡәы ӡӷаббара ҳәа џьара днеит. Ицара аамҭа анааи, иҽы ахьҿаҳәаз ахь дандәықәла, аҭыҧҳагьы иҽыжәлашьа збоит ҳәа дишьҭалеит. Ишьапы ашькыл иҭаргыланы данеиха, амашәыр импыҵҟьеит. Аӡӷаб дахьгылаз «Фуу!» лҳәеит. Аҷкәынгьы дааиҵамхакәа – Иа, Анцәа биныҳәааит! Абыржәы фу бымҳәазҭгьы ҳаимгәаблаа ҳамцоз – иҳәеит.

3. Маҳәык зны иабхәараа дырҭааит. Крифеит, крижәит, маҷаркгьы рыман, идыржәит. Иифаз акәу, амаҷар акәу изхарахаз уара идыр, дычуа далагеит. Ицара аамҭа анааи – «Анаџьалбеит санҽыжәло машәырк смыхьааит», – иҳәан, иҽирӷәӷәан, егьын дҽыжәлеит. Арахь аҧшәмацәа иҽаӷәра кны доурышьҭуам ацәажәара иаҿуп. Аусқәа цәгьахозшәа аниба, скьарахә ааҭганы схысып, ани абыжьгьы уахь иаласырӡып иҳәан, икьарахә ааҭиҧаан даҵхеит. Аха рыцҳарас иҟалаз, икьарахә еибамгеит. Иабхәа дахьгылаз днаиҵаҧшын – «Кьарахәс иумоу ҳәа агьыҟам, аха уаҳәла уеибыҭоуп», – иҳәеит. Амаҳәгьы ашҭа дыҭҟьаны дцеит. Жәохәҟа шықәса иабхәараа рахь дкылсуамызт. Аҵыхәтәан ирхашҭхьазаргь уажәшьҭа ирхашҭхьеит ҳәа анигәахә, ддәықәлеит. Уа дахьнеиз жәохә шықәса мҵхьази, иабхәараа рыҩны ахьыҟаз дақәымшәеит. Ҷкәына ҵәрышкәак дибан – «Уара абригьы-абригьы дахьынхо сақәшәом,диахьыҟоу удыруама? – ҳәа диазҵааит. – «Ааи, абра аҩадахьы ауп, сара унаскьазгоит», – иҳәан днаиаҧысит. – «Ҳаит, Анцәа уиныҳәааит, ҷкәына еилҟьак уоуп, иухыҵуеи баба», – ҳәа дҵааит амаҳә. – «Ус шықәсыла исыздырам, аха абни захь уцо имаҳә машәыр анизиу ашықәсан сиит, лҳәоит нана», – аҭак ииҭеит аҷкәын.

2

Иацаҳҵоит аҧсуа лафқәа

Ари раҧхьаӡа Аҧсны амалициа анеиҿыркаауаз акәын. Аиҳабыра ақыҭаҿы иахьааиз уа иатәыз аӡәы далырхырц иашьҭалеит, аха издыргалоз зегь мап рцәыркуан. Нас, – «Уара, арҭ ахацәа ирымуазар, шәааи, ҷкәынак идаҳгалап», – рҳәан, сара сыҟны иаанагеит. Аҧхьаӡа саргьы мап скыр цәгьа исымбо сыҟан, аха ани амалицара иацу ҳәа аказен тапанча, амҿыҭра иҭаҵаны иансдырба сақәшаҳаҭхеит. Уи акәхеит, сҽырбабаны ақыҭа салоуп, стапанча сшьамхы инадҳалауа. Аӡӷабцәа зегьы зхәаҧшуа усгьы сара соуп. Ус сшыҟаз, «аиҳабыра уҧхьоит» рҳәан, сцеит. Уаҟа ауаа игылаз раҧхьа снаргыланы аиҳабы дсыхцәажәеит, «ари аҷкәын дзакәу» ҳәа. Нас снавигалан, – «Уара, абра абрагьк ҳишьҭоуп, уаргьы дудыруеит. Адырра злаҳамоу ала, абра қыҭак аҿы дырҭан, цәыкгьы ҳамҭас ирҭеит. Уаха шәара шәганахь дцараны дыҟоуп. Уа цҳа заҵәык ауп иху, дықәымсыр ҟалом. Убра уара уаха уихаҩароуп. Дубеит, инаигәыдҵан душьыроуп» – ҳәа сеиҳәеит. Ауаҩ ишьра акыр аҭахума, аха уи ашьҭахь иҟоу сзымдыруа сыҟазма. Исцәымыӷхеит адунеи азна, аха иааг! Ари аҟара схагаланы санирҽхәа ашьҭахь ауаа зегь ишырбо «акы уаҧсам» ҳәа стапанча аасымхны сдәықәиҵаргьы ҧсран. Ауха суапа насыкәыршаны ацҳа ашьапаҿы снатәеит. Аухантәарак Анцәа сиашьапкуан, абни абрагь абрахь дааимышьҭразы. Ус, еимыгго ианалаго «Иа, Анцәа иџьшьоуп! Иахьала лыҧхала сеилгеит» ҳәа саныҩагыла, сыҧшызар аӡә харантә дшаауаз збеит. Ицә иаҧхьа игылоуп, иҭыҭыныжәга уажәы-уажәы апақ-апақҳәа амца ҭҟьоит, даауеит ихы иқәыжьны. Иара иоуп, шьҭа еилыскааит аха иуки. Абри сибар џьара дымҩахыҵып сҳәан, амҩаду ахь сыҩкылсит, аха, уаҳа умҧсит, ихгьы шьҭимхит. Снеимҳәа-ааимҳәеит. Дшаауац даауеит ихы шьҭымхӡакәа. Исамхацәгьахо ианалага – «Уарбан уа иааиуа» – ҳәа иқәҿысҭит, аха ихгьы шьҭимхит. Уажәшьҭа сусқәа зынӡа ишҽеимхаз еилыскаан стапанча ааҭысҧаан «ҷақ-мақ» ҳәа быжьқәак аасыргеит. Ани иаауа ицәгьы иаргьы уажәшьҭа исываларц егьрыгым, арахь зныкгьы ихы шьҭыхны дсыхәамҧшыц. – «Аат, уара абрагьыжә! Уара узоуп сара иаха ара сзыҷаҧшьаз, уҧсра снапаҿы иҟалараны иҟазаарын» – сҳәан, стапанча ихы инақәыскит. Ацә заҵәык сара сахь ихьаҳәны «мшәан, абри ииҭахузеи?» аҳәошәа исыхәаҧшит, сабрагь дышцац дцоит ихы шьҭымхӡакәа. Ихы иарбаны стапанча шыскыз даасывалеит. – «Иҟасҵарызеи? Иҟасҵарызеи?» – ҳәа сшыҳәыҵыҳәыҵуаз, данаасывс амашәыр аасыхиргеит, баша-машалагь акәымкәа. Аҳы, шьҭа, ма иара душьыроуп, ма уара уҽушьроуп, уаҳа хәшәы амам. Схы сымагәыхьха изуа, исҳәо сақәымшәо сышгылаз, еес, уцаларгь уцала, сабрагь ацҳа днықәсын ацәылашьцара днылаӡит. Аҽны ақалақь сцан, – «Баша сшәырҷаҧшьеит, аӡәгьы ҳганахь дықәымлеит» – сҳәан, уахьтәи аганахь ала схы сырқьиеит, аха арахь амыхьтә сыхьны сыҟоуп. Аҵыхәтәан, ара сшыҷаҧшьоз амалициаа рыда аӡәгьы издырамызт, сара ҷкәынак усгьы сабаидырри, сҳәан сҽысҟажеит. Мчыбжьык аҟара бжьысит. Ааигәа џьара чарак ыҟан, ачара усгьы уахынланы акәын ианыруаз, саргьы сагханы снеит илашьцаны. Снаган сдыртәеит, схәы снапы асыркырц сгәы шҭаз снаҧшызар, нырцә сҿаҧхьаҵәҟьа сабрагь дтәоуп. Сымҧсит ауп, уажәшьҭа сыҽимырбаӡакәа сышгылаша ауп исхәыцуа. Ҵәыцақәак аанкыланы, уажәшьҭа сцалап ҳәа сгәы ианааҭаск, ани сабрагь сыхьӡ ҳәаны ҿааиҭит. «Оу», сҳәан, санихәаҧш – «Ухәрақәа шҧаҟоу баба, ухәрақәа?» – ҳәа ҿааиҭит. Аишәа сахыҧан сышцазгьы сгәалашәом. Ашьыжь аиҳабыраа рҿы снеины стапанчагьы нарыҭаны, убри ала уа амалициара сшьапы налысхит.
Ахыҵхырҭа: http://akaamet.net/texts/real_cases.php?ELEMENT_ID=386


Вы здесь » Dasania iforum. Форум Дасаниа » Аҧсуа Форум » Аҧсуа лафқәа