2004 шықәса, сентиабр мза алагамҭазы Уаҧстәыланхыҵ иатәу Беслан ақалақь аҿы иҟалаз ахлымӡаах ахааназ хашҭра ақәӡам. Ари рыцҳара дууп, шьаарҵәыроуп, џьамыӷәацәгьоуп. Арҭ амшқәа рзы Аҧсни, Кавкази, Урыстәылеи, адунеи ауааҧсыреи Беслан ақалақь иацџьабоит. Быӷьшәыла Беслан иҟалаз атеррористтә ақт – ари 2004 шықәса, сентиабр 1 азы, актәи ашкол аҿы имҩаҧысуаз, аҵарашықәс алагара иазкыз аныҳәа иалахәыз ауаа рҳәынҷараз атеррористцәа еиҿыркааз жәылароуп. Ҩымши бжаки рыҩныҵҟа ақәылаҩцәа ҳәынҷаны мчыла иаанкыланы ирыман зқьи шәҩык раҟара ауаа. Шасыс игаз ауааҧсыра еиҳарак рхы ишақәиҭыртәызгьы, официалла, Беслантәи арыцҳараҿ иҭахеит 334-ҩык, урҭ рахьтә 186-ҩык ахәыҷқәа, 800-ҩык ирзынаҧшуа ироуит ахәрақәа. Аиашазы, иҭахазгьы, ахәра заузгьы рхыҧхьаӡара еиҳауп, зегь ианреиҵаха, ҩынтә раҟара.
Беслантәи ажәылара атеррористцәа еиҿыркааит иацклаҧшны. Уи азыҟаҵараҿ ақәылаҩцәа ҳасаб азыруит уаанӡатәи ажәыларақәа рыгха-ҧха. Актәи ашкол акәзар, атеррористцәа ирбеит уи анапаҿ аагаразы, иуадаҩу аҩныҵҟатә еилазаашьа иахҟьаны, акырӡа ишыманшәалаз. Иазгәаҭан Беслан ақалақь ахаҭа лымкаала атеррористцәа реилакҭыҧ ишазааигәаз (урҭ тәарҭас-гыларҭас ирымаз аингәыштәи ақыҭа Ҧседах инаркны Бесланынӡа ибжьан 30 километра). Ажәылаҩцәа ибзианы иҭҵааны ирыман ашкол аплан, уи иахырҟьаны аҵараиурҭа рнапаҿы иааргеит минуҭқәак рыла.
1889 шықәса рзы иргылаз актәи абжьаратә школ Беслан ақалақь аҿы иҧхьаӡан зыхҧша ҳараку ҵараиурҭаны. Арахь акәын рыхшара ахьҭарҵоз унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз беслантәи ауаа нагақәа. Убри аҟынтә ашкол злашьақәгылаз аклассқәа рацәан, ара иҟан актәи, аҩбатәи, ахҧатәи аклассқәа ҧшьба-ҧшьба. Адыррақәа рымш аҽны аныҳәатә цәаҳәа актәи ашколаҿ иқәгылан зықьҩык аҵаҩцәа иреиҵамкәа. Урҭ ари аныҳәаҿ аӡәаӡәа иреиҳамкәа ирыцызҭгьы, ауааҧсыра зегьы ааидкыланы иуҧхьаӡар ауан ҩ-нызқьҩык иреиҵамкәа.
Аиашазы, Беслантәи арыцҳара ду ҧхьаӡатәуп агәаҟра мацара иадыргамкәа. Уи ыҟоуп аҭакҧхықәра здыз аусзуҩцәа рыцәгьоуратә хьаамкра иадырганы. Ақалақьуаа ирдыруан атеррористцәа дук хара имгакәа ажәылара шыҟарҵоз. Урҭ ажәылара рыҽшазыҟарҵоз араҟа ирдыруан амилициа аусзуҩцәа индыркны аҭынчуааҧсыра рҟынӡа. Изныкымкәа ақалақьуаа ирарҳәахьан агәҽанызаара шаҭаху, амилициаа ракәзар, аҳәара ҟарҵон гәрамгарала узызныҟәаша зегьы рҵыхәала адырра ҟарҵаларц. Беслан ақалақь азныказ агәҽанызаара аанарҧшит. Аха ираҳаз ақалақьуаа аҵак ду арымҭеит, избан акәзар Кавказынхыҵ иқәынхо ауааҧсыра еиуеиҧшым ашәарҭарақәа ирышьцылахьеит, бжеиҳараҩык ргәы дырҭынчит амилициа аусзуҩцәа, ашәарҭара атәы ицо-иаауа ианырҳәа, дара рхаҭақәа уи иазыҟаҵоуп ҳәа. Аха беслантәи амилициа еиҳарак рхы акәын изышьҭаз. Арыцҳара аҟаларазы мышқәак шагыз, урҭ иаалырҟьаны, ҳәынаҧык збжьымсуа, ҵыск захамҧыруа, иадыркит аҭыҧантәи амилициа аҟәшахьы инагоу амҩақәа зегьы. Еилкаан, ус баша, информациада, аӡәгьы ауаа рныҟәара уадаҩызтәуа амҩаркрақәа шыҟаимҵоз. Иазгәаҭатәуп, аҭагылазаашьа ашәарҭара шаҵазгьы, Беслантәи актәи ашкол аҿы адыррақәа рымшныҳәа аҽны ишыҟамыз амилициа аусзуҩцәа. Нас, ақәылаҩцәа актәи ашкол агаразы ажәылара ианаҿыз, амилициаа зҿыз рыҟәша ахьчара акәын.
Беслан иқәынхо зегьы ашкол аиҳабы Лидиа Цалиева лахь ирымоу азыҟазаашьа акыр иуадаҩуп. Дара еицҿакны уи ахара лыдырҵоит ашкол аиҭашьақәыргыларатә усқәа раан аусуразы иахьлыдылкылаз еицырдыруа троиатәи аҽы ароль назыгӡаз ачеченцәеи аингәышцәеи. Ақалақьуаа ирҳәо хаҳҵозар, Беслан арыцҳара аҽны еиуеиҧшым аганқәа рҟынтә али-ҧси рыбжьара рҽеизыргеит 40-45-ҩык ақәылаҩцәа. Ахлымӡаах уаҵәы иҟалараны иахьа аухеиҧш ақалақьуаа ирбеит аусуҩцәа актәи ашкол ишыҩнаргалоз аидара рацәаны. Ашкол ахьчацәа агәҽанызаара аарҧшны аҭел илзасит адиреқтор Лидиа Цалиева: «Иҟалеи? Избан аусуҩцәа ахәлара рҽалакны ашкол изыҩнаргало аиашьчықьқәа рацәаны?». Уи аҭакс ахьчацәа аиҳабы лҟынтә ираҳаит: «Уахь ирҭаху ҩнаргалалааит, арахь акы ҩнырымгааит, абааҧсы». Ашкол абиблиотека адашьмаӷәы аҵаҟа аиашазы иҟан абџьарҵәахырҭа. Уаҟа имаҷымзт иҭҟьо, иҧжәо абџьархкқәа.
Ашкол иҩнакыз ауаа рхақәиҭтәраз аурыс ар рганахьала ахархәара рыман атанкқәеи амцаршәгақәеи. Џьоукы изларҳәо ала, урҭ ашкол иалахысуан аҭынчуааҧсыра ахьынӡаҟаз. Дара ргәаанагарала, ари аҭагылазаашьа иахҟьеит ауаа рҭахареи, ашкол аҿы иҟалаз абылреи. Уаҧстәыланхыҵ ажәлар ирҷыдаҟазшьоу жәла-жәлалатәи аилазаареи агәылацәа реизыҟазаашьеи ирыбзоураны иаҧҵан алшара, арыцҳараҿ ауаа еидгылартә, рыжәҩахыр еидырҵартә еиҧш. Убас, арыцҳара иахҟьаны иеҭымцәахаз ахшара рахьтә аӡәгьы ахәыҷтәы ҩны аӡәгьы дҭамшәаӡеит, дара зегьы ауа-ҭынхацәа иша-шаны иргеит. Беслан иҟалаз атерақт иалҵшәаны, Урыстәыла ахьынӡанаӡааӡо, ауаарацәа ахьеизо аҭыҧқәа рҿы ирӷәӷәан алеишәа ҷыда. Лымкаала иҵарны ари азҵаара цәырҵит еиуеиҧшым абжьаратәи, иреиҳауи аҵараиурҭақәа ирыдҳәаланы. Аха, Урыстәыла аҵара аминистрра иҟарҵаз ахәшьарала, ари атеррористтә шәарҭара аҟынтә ихьчан 6 наӡынак ирзынаҧшуа аҵараиурҭақәа. Беслан ақалақь аҩныҵҟа акәзар, иуҳәар ҟалоит уи ашәарҭадара ҧсахрада иаанхеит ҳәа. Шәааи, еиҭахгьы ҳара иаҳгәалаҳаршәап Беслантәи арыцҳара ду иалаӡыз ауааҧсыра, аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи, џьанаҭ гыларҭа рзеиӷьаҳшьап, анацәа-абацәа рхьаа рыцеиҩаҳшап. Иҟамлааит аринахыс Беслантәи арыцҳара ҳхазыршҭуа ахҭыс!