Dasania iforum. Форум Дасаниа

Информация о пользователе

Привет, Гость! Войдите или зарегистрируйтесь.


Вы здесь » Dasania iforum. Форум Дасаниа » Аҧсуа Форум » Ажәытә Бырзентәыла афырхацәа


Ажәытә Бырзентәыла афырхацәа

Сообщений 1 страница 2 из 2

1

Ари аҭоурых изкуп ажәытәӡатәи Бырзентәыла афырхацәа иреиуаз аӡәы. Иасони уи иаргонавтцәеи раҧхьа ишьҭоуп ахьтәы уасцәа аагаразы аныҟәара. «Арго» ҳәа хьӡыс измаз аӷба ачарҭ аҿы еизеит хьӡи-ҧшеи згымыз афырхацәа. Урҭ ирыцны ишәарҭоу аныҟәарахь амҩа иқәлоит ашәаҳәаҩ Орфеии амч ду змаз Геракли. Урҭ зегьы ҧеиҧшс ирыман игәымбылџьбароу амазонҳәсацәа рықәшәареи, Симплегадтәи ацаҟьақәа рахысреи, ашәала ухызхуа асиренақәа рҿаҧхьа ашьақәымҟьареи, ахьтәы уасцәа зыхьчо агәылшьап цәыршәага аиааиреи.
Ахаҵа: - Амҩахь!
Избан ари уамашәа еиҿартәоу аҭоурых изаргәаҭеиуаз ажәытә бырзенцәа рыхдырра?
Аҧҳәыс: - Иарбан хықәку шәара ишәымоу?
Ахаҵа: - Ҳара ахьтәы уасцәа ҳамазар ҳҭахуп.
Бырзентәылан ари аҩыза ахҭыс иеиҧхыӡуан ахәыҷқәа зегьы. Ари ауаҩы дышфырхаҵахо аазырҧшуа ҭоурыхуп. Уи ауаҩы ифырхаҵахара аҟны аҧҳәыс лҭыҧ, аҧҳәыс лҵакы аарҧшроуп изызку. «Бырзентәыла антикатәи аамҭа афырхацәа», «Иасони аргонавтцәеи», «Арҧыс иҷкәынрантә ахаҵарахь ииасымҭа». Иолк абаӷәаза шьҭан ажәытә Бырзентәыла мрагыларатәи аҧшаҳәаҿы. Аброуп Иасон дахьалагаз ахьтәы уасцәа аҧшааразы дызнылаз имҩа. Ари аҧсцәа зыҟәныз, ишәарҭаӡаз ныҟәаран.
Пелии, Иолк аҳас иҟаз, дазыгәшьуан Иасон иҧсра. Избанзар Иасон иакәын зинла изтәыз Пелии дзықәтәаз аҳҭыҧ.
Ахаҵа: - Сара исҭаххоит зегь реиҳа иласны иныҟәо ашхәа.
Пелии Иасон, иҧсы ҭаны дшымгьежьра дақәгәыӷуа, дишьҭуеит ишәарҭоу аныҟәарахь.
Ахаҵа: - Сара сазыразуп уҳәамҭа анагӡара, аха саныгьежьлак аҳҭыҧ сара истәызаауеит.
Иасон иаҧхьаҟа ишьҭан жәытә ҳәамҭала иӡыргоу, алакәцәа зыҟәну Ҟалӷьҭаҟа, ахьтәы уасцәа аӷьычразы, амҩа ақәлара.
Уи имоукәа Иасон, хымҧада, фырхаҵас ихы изыҧхьаӡомызт. Угәы иабарын ари адҵа иузынагӡо ак шакәым, аха Иасон гәыҩбарада уи дазыразхеит. Избанзар уи иман «Арго» зыхьӡыз аӷба бзиеи, «аргонавтаа» ҳәа хьӡыс изауз, Геракл ихаҭа дназлаз афырхацәа ргәыҧи.
Ахаҵа: - Исон! Уара сара сыда аныҟәарахь ацара угәы иҭазма?
Ахаҵа: - Мап, зынӡаскгьы! Ари ҳара ҳ-«Арго» ауп! Бзиала уаабеит!
Геракл (римтәи амифологиала – Геркулес) абраҟа иҟазаара иаҵанакуа рацәоуп. Зегь раҧхьаӡагьы уи иаанагоит ари аҭоурых шхыҭҳәаау. Уи еиуеиҧшым анцәақәеи, ауамагақәеи, афырхацәа дуӡӡақәеи злоу ихыҭҳәаау ныҟәаратә жәабжьуп.
Ари аҭоурыхтә шьаҭа змам литературатә рҿиамҭоуп. Аха, амифқәа рҿы ишыҟоу еиҧш, зыӡбахә ҳамоу аҭоурых иалоуп аҵабырг ахәҭакгьы. Уи зну аҩымҭа ҭҵаауа, иалшоит уадаҩрада аҵабырги амци реиҩдраара. Аҳәамҭа ҭәуп ақәыҧшра иацу агәымшәареи алашыҩкреи рыла. Шәрыхәаҧш уи иалоу афырхацәа! Урҭ дәықәлоит ишәарҭоу амҩахь, рыҳәсацәа ирылшом рхацәа раанкылара. Иасон изы акәзаргьы ари аныҟәара – имч аҧышәаразы раҧхьаӡатәи ҽазышәароуп.
Ари аҭоурых иҳанаҳәоит Иасон ишеизигаз еибашьцәаны иҟалашаз арҧарцәа ргәыҧ. Урҭ иара дрыцны идәықәлоит хьӡи-ҧшеи рырҳарҭас иҟаз, ихароу, иуадаҩу аныҟәарахь. Ари аҭоурыхаҿ ҳара еилыкка иаабоит арҧыс ихаҵахара зныҧшуа ақьабз. Иолк абаӷәаза иҭыҵаанӡагьы аӷба «Арго» иақәтәаз рыуа-рҭынха ирызцәырҵит акыр изыргәашаз азҵаарақәа: ирылшома рырҧарцәа Ҟалӷьҭанӡа инаӡаны ахынҳәра? Илшарыма Иасон ихы иазықәиргылаз адҵа анагӡара?
Амшын Еиқәа агаҿа ишьҭаз Ҟалӷьҭа атәыла аҭааразы аргонавтаа ирыхәҭан ажәытә бырзенцәа усҟантәи аамҭазы ирдыруаз адунеи аҵкар аҟынӡа анаӡара. Ари аҭыҧқәа ирыхҳәаны акызаҵәык ирдыруаз – уи иџьашьахәу ауамагақәа рыла ишҭәыз мацара акәын. Ауамагақәа – ажәытә мифҭҵаара иузалымхуа иалаз хаҿқәан. Ихыҭҳәаау аҭоурыхтә жәабжьқәа зегьы рҟнеиҧш, арҭ аҧстәқәа рынхарҭас иалырхуан зегь реиҳа ихараз, усҟантәи аамҭазы иҭҵааз адунеи аҵкар аҿы ишьҭаз, анаӡаразы иуадаҩыз, аџьабаа рацәа зцыз, ишәарҭаз атәылақәа. Афырхацәа рыӷба дәықәлеит агаҿа иаваршәны ҩадала. Иаарласны уи шьҭахьҟа иааннажьуеит шәарҭара злам  Бырзентәыла иаҿыкәыршоу амшын, иазааигәахеит адгьылбжьахақәа ргәыҧ.
Абырзенӷбақәа ҭыҧла иманшәаламызт, убри аҟынтә аргонавтаа рыхәҭак ашхәа ажәҩақәа анаҵыршьуаз, даҽа џьоукы убри аамҭазы рыҧсы ршьон, аха аҧсшьарахаҭа азы еиӷьын амшын аҿықә аҟынӡа анаӡара. Убасҟан ауп аргонавтаа ашәарҭа ианҭагылозгьы.
Амиф излаҳәо ала, аргонавтаа ахьыӡхыҵыз раҧхьатәи дгьылбжьаханы аӡбахә ҳәоуп Егеитәи амшын аҿы иҟоу Лемнос. Иахьа ари адгьылбжьаха Бырзентәыла иахәҭакуп, аха усҟантәи аамҭазы ари аҭыҧ абырзенцәа рзы идырым, еилкаам ҭыҧын. Иасони Орфеии адгьылбжьаха ианыӡхыҵ еилыркаауеит уаҟа аҳәса рыда аӡә дышнымхо.
Ахаҵа: - Иҟалап, урҭ аршәазар аҳәса ҧшӡақәа ирхылҵуаз афҩы.
Ахаҵа: - Сара уи уамашәа избом.
Ахаҵа: - Лара илҳәеит араҟа иахьынӡаҳҭаху ҳаҟазар ҟалоит ҳәа.
Ахаҵа: - Сара сакәымкәа.
Ахаҵа: - Дара шықәсқәак ҵуеит хаҵак дрымбеижьҭеи.
Ахаҵа: - Сара адәы сықәиижьҭеи ас еиҧш иҟоу аҳәсацәа среигәыӷуан.
Лемнос иқәынхоз аҳәсажәлар рыразреи рысасдкылареи уамашәа ибаны, аргонавтаа ирыӡбоит адгьылбжьахаҿ шьыжьынӡа иаангыларц. Аха Иасони Орфеии ибзианы еилыркаауеит аҳәса рхықәкы хада. Ахацәа рыҟамзаара иахҟьаны адгьылбжьахаҿ кыр ҵуеит хәыҷык дымиижьҭеи. Аргонавтаа абраҟа аҳәса ирыцхраар ауан. Амала аргонавтаа аҭыҧан раанхара, Иасони уи иҩызцәеи ирханаршҭыр ҟалон аханатә амҩы иззықәлаз ахықәкы. Насыҧны, арҭ афырхацәа ргәыҧ аҿы дыҟан згәы еиҵамсуаз Геракл.
Иолк анаанрыжьуаз, Иасони уи иҩызцәеи ҧҳәыск хаҵаҵас дрыздыруамызт. Амҩа иқәнаҵы дара ироур ахәҭан аҳәса рзыҟазаашьа аҧышәа. Ишҧа, насгьы ианба – арҭ азҵаарақәа рҭак ыҟоуп ари аҳәамҭаҿ. Ахаҵахара ақьабз иахәҭаҷуп ахаҵажәлатә ҿиара иазку ақьабз. Уи алшара аиқәыршәароуп изызку амиф аҿы иаабо аргонавтааи Лемнос аҳәсеи реиниара. Убасҟаноуп уи афырхаҵа хада раҧхьаӡа акәны ианеиликааз аҧхьан изымдыруаз, аринахыс дзыҭҟәаз амч. Ас еиҧш иҟоу мчны иҟалеит аҧҳәыс иара иахь дидзыҧхьалаз ацәанырра ҧха. Аха амиф абраҵәҟьа ҳгәы ҳҽаннаҵоит иблахкыгоу адгьылбжьахақәа рҿы ари аҩыза агәыблыра ишацу ауаҩы дзыниауа еиуеиҧшым ашәарҭарақәа. Аргонавтаа рыгәгьы иҭамшәеит Лемнос аҳәса маӡа лашьцак рыман ҳәа.
Аҳәса рхацәа рыӡра зҵаҵәахыз гәыҧ-гәыҧлатәи абзиабаратә ҧсахра акәын. Урҭ шьын адгьылбжьаха иқәынхоз рхатәы ҳәсацәа рнапала. Иасони аргонавтааи иаанхоит ари аҭыҧаҿ ибааҧсу аҵабыргхаҭа рхаҿы иаамгакәа. Ажәакала, ахьтәы уасцәа азыҧшаара афырхацәа аанагеит урҭ рымҩаҿ раҧхьаӡа ицәырҵыз аангыларҭахь.
Иасон иӡбеит иҩызцәа, маҷк иадамхаргьы, рыҧсы диршьарц. Ихаршҭны, зхала иааныжьу ауаа дук мырҵыкәа адунеиаҿ иааҟоу зегьы шырхашҭуа. Насыҧны, аӷбаҿ дыҟан аҧышәа змоу, аҧсҭазаара иарҟәышхьаз, аргонавтаа зырхынҳәыз, - Геракл.
Ахаҵа: - Иаарласны аӷбахь!
Ахаҵа: - Иҟамлари даҽа ҽназаҵәык ҳаангылар?
Ахаҵа: - Ҳара акрызҵазкуа аус ҳамоуп, уара ухаҭа уҿырҧшыгазароуп. Шәалга!
Араҟа ицәыҵаку аформала иаарҧшуп абырзен ҧсыцқьарақәа руак – аҭакҧхықәратә цәанырра. Иҭакҧхықәрадоу ауаҩы ҧеиҧшс имоу ҭахароуп. Иасон ицәанырра аницәыӡ ахааназ изыҧшааран дыҟам ахьтәы уасцәа, изыргьежьран дыҟам зинла иқәнагоу аҳҭыҧ. Уи адагьы Лемнос аҿы ауп аҧызара хаҭа азҵаара ахьцәырҵ. Дарбану ҩыџьа рҟынтә иҧызахаҭоу? Иасон иакәу, Геракл иакәу? Аха, уазхәыцуазар, ари азҵаара ӡбан Иолк абаӷәазаҿ, агәыҧ амҩа ианықәлоз.
Ахаҵа: - Ҳаамҭа ааит.
Ахаҵа: - Ари баша гәыӷрақәоуп.
Аҧҳәыс: - Угәы уҽаныз.
Ахаҵа: - Аргонавтаа, иааит аамҭа аҧыза иалхразы.
Аиндаҭлаҩцәа ҩыџьа ыҟан. Геракли Иасони. Геракл дыӷәӷәан, дфырхаҵан, уззымаиааиуаз еибашьҩын.
Ахаҵа: - Иара адунеи дықәеижьҭеи аҧышәа ду ирҳахьеит
Ахаҵа: - Ааи!
Аха анцәақәа ирыӡбеит ҧызас Иасон дҟаларазы. Иасон иоуп афырхацәа зегь еидызкылаз. Иара дыгәкуп, игәы иҽануп, дҟәышуп, дгызмалуп. Аха иара зныкгьы иҽалимырхәӡацт арҭ рҩыза аусқәа.
Ахаҵа: - Иасон идгыло шәнапқәа шәырҩах.
Иасон изы ҷыдала иҳәатәуп уи, ацәажәараан аҳәса хызхуа уаҩны дшыҟоу, ишилшо аиқәшаҳаҭра рыбжьаҵара атәым жәларқәа рхаҭарнакцәа, еилкаауп ари алшара ахаратәи аныҟәарақәа раан рацәа ишмаҭәахәу.

2

Ахаҵа: - Геракл идгыло шәнапқәа шәырҩах.
Ахаҵа: - Геракл! Иара иакәзароуп ҳара ҳҧыза!
Ахаҵа: - Иҭабуп, аҩызцәа!
Аха мап. 
Ахаҵа: - Сара сыбжьы Иасон иоуп изысҭо. Ари иҿыцу анаплак аан иаҭахуп иҿоу ашьа анырра. Ҳара ҳҧызас дыҟазааит Иасон.
Аргонавтаа еилыкка иаадырҧшит зҧызара азхарҵо Геракл шиакәыз, аха алхрақәа ирылҵшәаны ҧызас дҟалеит Иасон. Афырхаҵара аҵакы ҩ-типк реиҧшымроуп акәымзар, иарбану даҽакы араҟа иуҳәаша. Ҳера ҟалаанӡа ахҧатәи ашәышықәсазы абырзенцәа, арбџьармчқәа раасҭа, иҳаракны ирыҧхьаӡоз адипломатиа аҟазара акәын. Убри азы Иасон ҧызас иалхра иаанарҧшыз фырхаҵак ииааира, даҽа фырхаҵак иаҵахара акәӡам, араҟа иаарҧшуп ахшыҩи амчи реиндаҭлараҟны ахшыҩ аиааира шагаз. Аха илшома аҧыза ҿа ишәарҭоу аныҟәараан аргонавтаа раҧхьагылара?
Аиҭа ныҟәара идәықәлоны еиҧш, аргонавтаа рыҽҧыршәоит, урҭ алагоит аҷкәынцәа рыбжьара ирдыруа хәмаррак: дарбану еиҳа лаӡара змоу.
Иҟалап, агәҭакы ааирҧшызаргьы, маҷк игарыгаҽахьаз ахьӡ-аҧша зырхынҳәыр зҭахыз Иасон ихаҭа. Иасон даиааиуеит аицлабраҿ, аха иабанӡаҳараку уи аиааира аҧса! Голливудтәи акиносахьаҿ Геракл даанхоит аныҟәара иалоу ауаа ргәыҧаҿ. Аха амиф хаҭаҿы зегь даҽакала иҟан. Ажәҩа ҿыц азы аҵла аҧшаара ҳәа данца, Геракл дыӡуеит.
Акалашәа иҟоу хҭысла ари аныҟәараҿ иара иаанижьуеит аргонавтаа рхазы. Аиашахаҭазы уи ҳаҧхьаӡар ҟалоит инаӡоу ақәрахь аиасра иатәу ақьабзқәа ируакны. Иасон аринахыс ихала иҵар ахәҭан еиуеиҧшым аӡбарақәа рыдкылашьа. Аҧышәа змоу Геракл данца ашьҭахь Иасон дазхәыцлар акәхеит ахьтәы уасцәа аҧшааразы Ҟалӷьҭаҟа дызланаӡаша. Иара иакәын уажәшьҭа изхьыҧшыз аныҟәара аҧеиҧш. 
Аӡбарақәа зегьы рыдкылара ахәҭан икапанны. Иасон дахысыр акәын агәаҭара, шаҟа иҟазшьа ӷәӷәоу. Насыҧны, иара жәҩанынтә дицхраауан нцәаҧҳәыск. Олимп зыхьӡу ажәытә Бырзентәыла ашьхаҿ инхоз анцәақәеи анцәаҳәсеи акала иреиҧшым ҳаамҭазтәи адинхаҵарақәа рынцәақәа. Ажәытә бырзенцәа ргәаанагарала, анцәақәа зыҧсҭазааратә ҧышәа беиаз ахацәеи аҳәсеи иреиҧшын. Лассы-лассы арҭ анцәақәа, аӡәы – насыҧи ҧылеи, даҽаӡәы – аџьабааи арыцҳареи рызшауа,  рхы мҩаҧыргон иқьынцыцу ахәыҷқәа реиҧш.
Аҧҳәыс ҵарауаҩ: - Абырзен нцәақәа ыҟан ҩбара рыламкәа, лассы-лассы ииашаӡа, иҭашақьаӡа. Дара азинқәа зегьы рыман, аха ауаа рҿаҧхьа ирымамызт хәдақәҵаракгьы. Лассы-лассы урҭ хыбаауан, зны-зынла игаӡақәан. Урҭ рахьтә џьоукы аҧшӡареи амали бзиа ирбон. Олимп аҿы аҭхаџьра ргәы анҧнаҵәалак, дара алагон адгьылусқәа рыҽрылагалара. Аха ауаҩы анцәақәа рылҧха иҽанаҧсеитә, изҧшын агәахәара нагӡа зцыз аҧсҭазаара.
Гера, анцәақәа раҳ Зевс иҧшәмаҧҳәыс, рацәа Иасон дизбзиан. Лара илыӡбеит уи дицхраарц. Аха ари ацхыраара Иасон иоурц аҭахын иара имчала. Мшынла аныҟәараан, Гера лыбзоурала, Иасон иҵеит аеҵәақәа рыла амҩа аҧшаара. Усҟантәи аамҭазы ажәытә бырзенцәа ирыздыруамызт ихадоу амшынныҟәаратә хархәагақәа. Убри иахҟьаны дара ныҟәон лаҧшҳәаала иубо гаҿак аҟынтә даҽа гаҿак ахь. Аха иаарту амшын аҭбааҭыцәраҿ иаҭахны иҟан уахынла аеҵәқәа рыла амҩатә хырхарҭақәа реилкаареи амшынныҟәаратә хархәагақәа рдырреи.
Иасон уахынла аеҵәақәа данрыхәаҧшуаз, игәалашәон иныҟәара хықәкыс иамаз ахьтәы уасцәа. Уи иазкыз ауҳәан-сҳәанқәа Бырзентәыла ахы-аҵыхәа иалаҵәахьан. Абырзенцәа ргәаанагарала, ахьтәы уаса ахьынхоз ажәҩан акәын. Уи иатәыз аеҵәаџьаа аниба, Иасон идикылеит ииашоу ахырхарҭа. Иҭынчыз Егеитәи амшын ахысра, Симплегадтәи ацаҟьақәа алаҳамҵозар, уадаҩрак аҵамзар ахәҭан.  Урҭ роуп аргонавтаа зхысраны иҟаз, адгьылбжьаха Лемнос анаанрыжь нахыс. Арҭ аҩ-цаҟьак иҳараку ҧынгыланы игылан Ҟалӷьҭатәи амҩа агәҭаны. Мҩазаҵәыс иҟаз ацаҟьақәа ирыбжьаршәыз иҭшәоу абжьысырҭа акәын. Аха ари амҩа имариаз акы акәмызт. Симплегадтәи ацаҟьақәа еидыҵуан, анаҩс урҭ, аӷбақәа ҧыххаа ишьҭаҵаны, мчыла еидыслон. Иолк аҿы аҳра зуаз Пелии идыруан мшынуаҩк дшыҟамыз Симплегадтәи ацаҟьақәа ирылҵыз. Иасон, аргонавтаа зегь реиҧш, уи идыруан. Имариаз – аҩныҟа ахынҳәра акәын. Аха закәытә ҧхашьарала урҭ рыдыркыларыз рҭынхацәа!
Ахаҵа: - Геракл? Уабаҟоу уара, еиҳарак уанаҳҭаху?
Зегь ӡбан иаарту абжьыҭирала.
Ахаҵа: - Уара акгьы ухарам. Ҳара иҳамам аҧышәеи амчи. Ари аҩыза иахьа уажәраанӡа аӡәгьы илымшацт аҟаҵара.
Ахаҵа: - Геракл иҟаиҵеит ажәалагала ацаҟьақәа рыбжьара аҧра шьҭыхны аиаҟьара.
Ахаҵа: - Аха изалшарыма уи?
Ахаҵа: - Сара исҳәо иара убас ҟаиҵарын ҳәоуп иаанаго.
Ахаҵа: - Абар сара схаҿ иааиз. Шәара ишәгәалашәома иҟалараны иҟоу аҿаҳәатәы? Еиӷьуп шьҭахьҟа ҳхынҳәыр.
Ахаҵа: - Ишҧаҳҧыло аҩны лыҵшәада ҳгьежьыр?
Ахаҵа: - Аха ҳара ҳаҧсы ҭазаауеит.
Ахаҵа: - Ҳара лажәхарҧа ззыруа ҳарҩызцәахоит.
Ахаҵа: - Уи адагьы, аҿаҳәатәы ишаҳәо ала, арҭ ацаҟьақәа урыбжьысыр ауеит.
Аӷба «Арго» аҿы иҟан аҳәыҳәқәа зҭоу аихац. Урҭ мгакәа мшынуаҩк амҩа дықәломызт. Иҧыруа аҵысқәа аҳаракырантә ирбарц рылшон хара иҟаз адгьыл. Уи ахырхарҭала урҭ аҧырра иалагон. Иасон иӡбеит аҳәыҳәқәа ихы иаирхәарц. Симплегадтәи ацаҟьақәа аахада рылҵразы.
Ахаҵа: - Ацаҟьақәа еидыҵуеит, уажәы мамзар ахаангьы!
Ахаҵа: - Ҧхьаҟа!
Ацаҟьақәа ҿыц иалагеит аидылара.
Ахаҵа: - Ҳара иҳалшоит абжьысра!
Ахаҵа: - Ҧхьаҟа! 
Ахаҵа: - Ҳҽаҳамҭап! Ҧхьаҟа!
Ахаҵа: - Шәалга!
Ахаҵа: - Ажәҩақәа ӷәӷәала ирыҵышәшь!
Анцәақәа еиҭахгьы Иасони иҩызцәеи ирзылҧхеит, рыӷба акәзар, аахада ишәарҭоу ацаҟьақәа ирыбжьысит. Абасала уи дахысит аҧызаразы азин изҭоз раҧхьатәи аҧышәара. Аҧсҟы Геракл икызҭгьы, ацаҟьақәа аӷба «Арго» ҧыххааса ишьҭарҵон. Иазгәаҭатәуп иааихауа ацаҟьақәа ирызку аҳәамҭа ишамоу хықәкылатәи ашьаҭақәа. Ажәытә бырзенцәа рзы аброуп иахьымҩасуаз иҭҵааны ирымаз адунеи аҳәаа. Аиашазы, Симплегадтәи ацаҟьақәа – Амшын Еиқәеи Егеитәи амшыни еимаздо Босфортәи аӡбжьысырҭа аҵкарқәа рҿы иҳаракны игылоу бахәқәоуп.
Иазгәаҭатәуп Амшын Еиқәа шҭагаламыз ажәытә бырзенцәа рыхсаалақәа рҿы. Дара рзы Босфор акәын ирдыруаз адунеи аҵкарс иҟаз аҭыҧ. Абырзенцәа ргәаанагарала, ҳазну адгьыл иҟьаҧсу, Бырзентәыла гәҭас измоу, адиск иаҩызан. Егьырахь иҟаз тышан. Дгьыли-жәҩани ижәҩахыр иқәын адауаҧшь Атлас. Абырзен мшынуаа рзы Босфор аҟынтә идырым адунеи ахырхарҭала иҟаз зегьы уаӷеимшхарак иаҩызан, убри ауп изыхҟьазгьы Асимплегадақәа ирызкны ииз аҳәамҭагьы. Зҽеинызҟьоз абахәқәа рҭоурых иуҧхьаӡар ауан ажәытә бырзентә географиеи адунеи иҿыцу ашьақәгылашьеи рыбжьара иҟоу аиныршәаратә вариантк аҳасабала.
Иахәҭоу агәымшәара аарҧшызҭгьы, иауан адунеи аҳәаақәа реиҵыхра. Убри азоуп ажәытә Бырзентәыла афырхацәа рзы уалҧшьас изыҧхьаӡаз иааҳакәыршаны иҟоу адунеи аҭҵаара, иҿыцу атәылақәа раартра, идырым амшынқәа рҭаара. Уи аамҭазы аргонавтаа зхыз Амшын Еиқәа акәын. Дара рзы ари аҭыҧ ҧхьаӡан ишәарҭоу ҭаӡырҭас.
Ари, аҧсҭазаареи аҧсреи рыбжьара ишьҭаз, идырым аӡқәеи, ишәарҭоу аҧшатлакәқәеи, иҩызаратәым ажәларқәеи ахьыҟаз дунеин. Еиҳа ииашазар ҟалап аҳәара, ахьтәы уасцәа аҧшаараҿ, Иасони иҩызцәеи Ҟалӷьҭаҟа амҩа иқәын ҳәа ҳаамҭазтәи Ҭырқәтәыла ҩадалатәи амшынҿықәла. Аргонавтаа иазхәыцыр акәхеит уахынлатәи раанҿасырҭеи рыфатәи ирыдҳәалоу азҵаара. Избан акәзар урҭ ахысхьан рымҩа аиҳарактәи ахәҭа. Аха амшын аҟәара иазааигәахацҧхьаӡа, аргонавтаа ргәалашәараҿ иаацәырҵуан арҭ аҭыҧқәа ирыхҳәааз иуаӷеимшхараз ажәабжьқәа. Дара еиҭахгьы иаанхон иҿаасҭаз аҳәамҭақәа рыҭҟәараҿы.


Вы здесь » Dasania iforum. Форум Дасаниа » Аҧсуа Форум » Ажәытә Бырзентәыла афырхацәа