Иа, Анцәа ду! Зылҧха ҳаура. Ухьыӡ ҳәара иахьаҳгәаҕьуа гәыбҕан ҳауымҭан, Улҧха-угәыҧха ҳаҭәашьа! Иа Анцәа ҳазшаз, Аиҳабыра-аиҵбыра зшаз, иудыруеит, хаҵа ламысуп ҳәа ҳгәы иҭоу аӡәгьы ишиаҳамҳәауа Уара Уда! Уа ҳшамкәа ҳазшаз Анцәа дуӡӡа! Иҳагхо ҳахҭнумҟьан, иаҳдырны иагҳажьуа ҳанажь, ҳахумырҟьан, иаҳзымдыруа ҳаҭауымҵан, иҳагу арҽеишьа ҳақәыршәа. Уа, Уара! Зегь збауа, зегь здыруа. Мреи-мзеи аныҟамыз, Уа уыҟан, Анцәа! Дгьыли-жәҩани аныҟамыз Уа уыҟан, Анцәа! Аиаҵәақәа аныҟамыз Уа уыҟан, Анцәа! Ашәаҧыџьаҧ аныҟамыз Уа уыҟан, Анцәа! Ӡи-мцеи аныҟамыз Уа уыҟан, Анцәа! Зегьы зшаз, зегьы ҳзырбаз, ҳуашьапкуеит, Ухьышьаргәыҵа хақәыхшоуп! Ажәа цқьа ауп зегь зырҿиауа, Зегь Аҧсы рхазҵо Ажәа ауп агәы зырҕьуа. Гәы ҭыҕьҕьаала иаҳҳәоит, ҳуҳәоит иҳаҭәоушьозар, ажәларқәа зегьы ныҳәазааит! Аибаҭахыреи аицхыраареи, аиҭанеиааиреи аилибакаареи, ҳуҳәоит – ирыгумыжьын! Рыгәҭа иаланыҳәазааит Адунеи иақәлоу Аҧсуа жәлар! Аамҭак ыҟан Уара удгьыл ҳара иҳаҭәоушьеит: «Ари Адунеи дуӡӡа аҿы сшәырҭра ахьыҟоу ҧсшьарҭас Сара схазы иалысхыз, ацқьара амаӡа ахьҭаҵәаху, Амаӡақәа рымаӡа ахьҭаҵәаху, Ахьҧсы ахьыҵҵо, геи-шьхеи ирыбжьаршәу, ашәаҧыџьаҧла иҩычоу... Шәара, Аҧсыуаа, ҧшәымас убра шәҟалааит, Уҳәеит. Уара, Аҧсуа, анапы иаҵанакуа иудыруа, уара, Аҧсуа, унапы ахьынӡанаӡо уара иутәны, унапы ухақәиҭра иахьчо, унапы Адунеи еицырдыруа уҟалааит! Ламысла, гәыла-ҧсыла, дала-шьала шәыҧсадгьыл шәацныҟәааит!» – Уҳәеит. Убри нахыс Уара умчала ари Аҧсадгьыл аҿы ҳанхоит-ҳабзазоит, ахьыӡгьы амоуп Аҧсынтәыла! Иа, Анцәа Ду, ҳшамкәа ҳазшаз, Ҳныхахә дуқәа Аҧсны зыхьчо! Анан лнапы ахьакәыхшоу, Аҧааимбар дуқәа рышьаҭа ахьану, ҳшәыҳәоит, ҳ-Аҧсынтәыла шәахылаҧш. Лада иҟа, ҩада иҟа, Нхыҵи-аахыҵи иҟа, тәымџьара иҟа, Улаҧшхаа рхыз Аҧсуа жәлар! Рҩани-Дҩани рыбжьаара инхо, Анапеи Анагеи рыбжьара инхо, Азау мшын Лыхҭеи рыбжьаара инхо, геи-шьхеи рыбжьара инхо ҳауаажәлар Урхылаҧш! Ееиқәырҳа, еизырҳа! Анцәа ду, кәарак ыҟам, дгьылк ыҟам Аҧсны ҟьаҟьа дыуӡӡа ушьаҭа ахьаным! Ҳуҳәоит, Улаҧш хаа ҳ-Аҧсынтәыла иагумыжьын! Ҳ-Аҧсуара иҳанаушьаз – иаҳмырӡааит! Ашьҭрагьы рбзиа! Аҧсуа изын Аҧсуара еиҳау иҟоузеи! Аҧсни Аҧсуареи еиҧхамзааит! «Ашәыр бзиа еиҭауҳар – ашәыр бзиа ҿалоит» – ҳәа уи инагӡаны аныҟәгара ҳауаажәлар иранашьа! Ахаҵара шхаҵароу рдыруазааит! Ахаҵара уи иахылҿиаауеит. Урҭ ирышьҭанеиуеит гәыблыреи агәыҧхарреи. Арҭ зегьы анеицу – ауаҩра зыхьӡу иаацәырымҵуеи! Ауыбла лаша даҳзааумышьҭи – иҿаҳҵааз ауп иҟаҳҵо. Ауыбла убас иаҳзеиҭеиҳәон: «Ачеиџьыкеи, Ан лкыкахши, Ашьеи шәаҕрамгылан – еиҳау гәнаҳа ыҟам». Ауыбла иами ауаҩышәеи алеишәеи, аҟәышреи аҟәыҕареи ҳзырбаз, ауаҩҧсы дуаҩызтәыз! Убри нахыс Аҧсуа ауаҩрала ауми, гәыҧхарала – гәыблырала ауми Аҧсуара шныҟәыигауа. Адырыҩцәа дуқәа ҳзыуааӡеит, ажәаҟазаҩцәа дуқәа ҳзыуааӡеит, Урҭ ҳхыбаҩцәа ззырҳәоз ракәын, Аҧсы цқьақәа ззырҳәоз ракәын. Ӡи-мцеи еинзраалоз, аӡы хьшәашәа ақәаб ишҭаз ажәала агәараҳа изыршоз, агәымшәареи агәыҧшаареи Аҧсуаа ршьа иалазҵаз, «агәоуп зегь збауа, ала акгьы абаӡом», – ҳазҳәоз, ҳгәи-ҳгәаҵәеи зырцәажәаз Ауыбла ду! Абас адырра рыуҭеит Адунеиаҿ иҟоу абызшәақәа еилыркаауа, ашьхыци ашышкамси еибырҳәоз еилыркаауа, аҧсаатәи ашәарахи еибырҳәоз еилыркаауа, ҵыси-ҳәыҳәи, мшәи-қәыџьмеи ирацәажәауа, аҳаскьынқәеи аҵлақәеи ирацәажәауа, рыбызшәа еиҭарҳәо, аӡиас ашьҭыбжь иаҳәауа здыруаз, амшын ахьтәы ацҳа хызҵоз, ага иқәжьу аҧслымӡ ахҧхьаӡара здыруаз, ажәлар рҧеиҧш ирзеиҭазҳәоз. Убас еиҧш иҟаз ауаа дуқәа ҳзыуааӡеит ҳ-Аҧсынтәылаҿ! Иахьагьы ҳгәы уҭоуп, Угәҟәышра ҳакәыхшоуп, Ашаҩы дуӡӡа – Ауыбла! Аха, уи зегьы иуанашьазгьы, иҳанашьазгьы ҳшамкәа ҳазшаз Анцәа дуӡӡа иоуп! Еиҳа зымчу ҳуашьапкуеит! Ҳамдырра ҳаҭаумҵан! Анцәа дуӡӡа суыҳәоит! Ҳуыҳәоит, зылҧха ҳаура, зхьышьаргәыҵа ҳакәыхшоу! Ҳҿар аиҳаби-аиҵби дырдыруа, ахәыҷыжәлар рани-раби бзиа ирбо, ианажәлак уаҩҵас иныҟәырго, Ан лкыкахши, Ажьрацәареи иреиҳау акгьы шыҟам.  Абри рдыруазааит аҿар. «Аҷкәын ҳзыхьчауа, аҭыҧҳа ажьрацәара иазлырҳауа», ажьрак шәы-жьра џьара ицоит, ашьа ашьаҭа ыӡӡом, Ажьрацәара еилашәымгар Ашьа цқьа шәӡырнагоит», – убас иҳәалон Ауыбла. Ешьеи-еҳәшьеи ҧха ду еиқәырҵо, Аҧсуа леишәа ныҟәырго, ақәнагаа ҟарҵо, рынхара-рынҵыра бзианы, аҿиара-азҳара аманы, рынамыс адунеи ианымӡаауа, арымарахь ихьаҵыз арыҕьарахь дхынҳәуа, ианахәҭоугьы ачҳара рыманы, ҳазшаз рымҩа ырлаша, бла хаала урхылаҧшла, амҩа иаша дырба! Адунеиаҿ ажәларқәа бзиа еибабо, аибашьра ҟаумҵан, ҳазшаз суҳәоит! Аха ианахәҭоу хьымӡҕ рымгааит ҳажәлар! Усҟан еснагь шәгәы иҭазааит Ауыбла ииҳәауаз: «Нарҭаа рҽышьҭа иахысыз – Нарҭаа ргәы ааихәон», «Аҧсуаа Анарҭаа рыҷкәынцәа ҳәа ишәзырымҳәозеи». «Мышкы ииз – мышкы дыҧсуеит, аха ауаҩытәыҩса адәы дзықәу ахьӡи-ахьымӡҕи рзоуп». «Агәыҧшаара – ҧсыуарами». «Аламыс – ахаҵара ацыҧхоуп». «Ауаҩра зцым ахаҵара патудоуп». Ахьырҧар ианахәҭоу Анарҭаа рыхьыӡ шәыманы, реиҵба Сасрыҟәа игәаҕьра ацҵаны, Анарҭаа раншьа Шьаруан иеиҧш ашьа жәуа, «Аиргь хацәа» ҳәа шәзырҳәо, «Аҧсуа аибашьраҿы афы даҩызоуп», – рымҳәауазеи, «ахаҵара шьтрала иааиуеит», – рымҳәауазеи. Ҳарҧара рхы зқәырҵаз Аҧсуа жәлар рынамыс азоуми, ҳ-Аҧсуара азыҳәан ауми изхьамҵуаз, убас алшара ду, аилкаара ду Анцәа дуӡӡа ишәыиҭааит! «Аҧсны Ҳаб игәара, ҳзааӡаз Ҳан лгара, жәҩахырла акәзаргьы – Ҧхьаҟа! Шәнеибац аҧсуаа рыҷкәынцәа!» – убас иҳәалон Ауыбла. Кавказ ажәларқәа шәшеишьцәоу жәдыруаны, ҳазшаз амч, адырра ду ишәаҭәаишьааит! Кавкази Аҧсынтәылеи рыхьчаразы Еснагь шәыхиазааит! Ҳшамкәа ҳазшаз, ицқьам, ииашам ҳамҧан днаумышьҭын, ацәгьара алзхыз ауаа рзы, Иа, Уара, Уымчала рҭыҧ иқәҵа! Аҧсуа ҭыҧҳацәа, зыҧшра-зсахьа, зыуаҩышьа-зыуаҩышәа Адунеи иахыҵәаз, аҵеицәа бзиақәа рааӡара Аҧсны азыҳәа иранашьа! Убас амч-алшара ҳазшаз ишәанаишьааит! Уа ҳуыҳәоит, Анцәа! Ирхамшҭлааит ажәлар ирхагылоу: Адунеи шмардуану – аӡә дыхәноит, аӡә дылбаауеит. Ирхамышҭлааит, Адунеи аӡәгьы ишхыимфаац. «Адунеи агьаргьаласа иануп», «Ауаҩҧсы иҧсҭазаара арахәыц иануп», «Бзиа нхареи – ҽнак ачареи!» ҳәа имҳәалози Ауыбла. Ирхамышҭлааит, жәлас иҟоу уаҩроуп, ирхамышҭлааит ахаҵа-ихаҵа дшыҟоу. Зегьы зӡбо, зегьы зшо ҳазшаз иоуп, аха амҩа қәнага уқәлар, амҩа қәнага уақәиршәоит. Нас ижәдыруаз, аҧсуаа, «Анцәа адунеи ҳзаниҵаз, ҳҧишәаларц азоуп», – убас иҳәалон Ауыбла. Иа, Анцәа! Уа ҳшамкәа ҳазшаз, Анцәа Ду! Ҳабызшәа хааӡа ҳгәаҿы инаугаз, «уи Анцәа ибызшәоуп», – Уҳәеит. Иахьагьы Аҧсуа цқьақәа гәылоуп ишеицәажәауа. Уи аҧсшәа ҳҿар иҵегь ишьҭырхуа! «Зыбызшәа иаҕрагыло – иҧсра деиҽырбоит», – имҳәалозеи Ауыбла. Ҳауаажәлар, ҳқьабзи-ҳҵаси ныҟәырго – уи ҳ-Аҧсуара иамаҟоуп. Атәым милаҭ ҿырҧштәыс шәышьҭырхуа, убас алшареи аилкаареи шәаҭәаишьааит ҳазшаз Анцәа Ду! Ажәытә убас егьыҟамзи: «Имаҷзаргьы аҧсуаа ҳреиҧшындаз, маҷк акала акәзаргьы Аҧсуаа ҳрыуандаз», – ирҳәалон атәымуаа, аха Аҧсуара аныҟәгара мариазар, егьырҭ амилаҭқәа иныҟәрымгозеи! Ҳазшаз ҳара иҳадимҵеи. Аицхыраареи аидгылареи шьҭыхны, Кавказ жәлар еиҧхамкәа, рыжәҩахыр ҭбааны, Рылшара дуны, ахьӡ-аҧша рыманы, аиааира ргауа. «Ҳаи, абааҧс, ухаҵажәлами!». «Зхы иаиааиыз – Адунеи итәуп!». «Аҧсра ашьҭахь – аҧсра ыҟаӡам». «Аҧсра цәаҧсахроуп», – убас иҳәалон Ауыбла. Заҧсуара иаҕрамгыло Аҧсуаа рыҷкәынцәа рыхҧхьаӡара Анцәа иазирҳааит! «Аиргьаа раҧхьа алаба зҟьаз, Ажәеиҧшьаа раҧхьа агәаҵәа зҿаҧхьаз» – убас еиҧш иҟаз ахацәа шәырхылымҵи! – убас иҳәалон Ауыбла. «Аӡыхь ӡбаажәхаӡом» ҳәа. Аҵеи иоуп жәлары шьҭызхуа, аҵеи иоуп жәлары ҧхьаҟа изго. Ҳ-Аҧсуа ҵеицәа р-Аҧсуара ҳараркуа, ирҳәауа нарыгӡауа, ирҳәауа еиҭарымҳәауа, ражәеи-руси еиқәшәо, ахшыҩ ҵары, адырра ду рыманы, Адунеи амаа зкыу аҳәынҭқар хадацәа амҩа ду дшәырбо, ианамуа амҩахәасҭа рзалышәхуа, ҳазшаз, ҳауаажәлар ираҭәашьа – иҳаҭәашьа! Иа, Уара, иаҳхылаҧшу! Иаҳзаауышьҭыз Ауыбла иами. Зегь ҳзырбаз, зегь ҳзырҵаз, адырыҩ ду! «Ауыбла адунеи амаа амазар – иамзхуаз», – жәлары убас изырҳәон – нас, уҷкәынцәа-иҷкәынцәа ҳами! Амҩа лаша иаҳурбаз – иаҳирбаз ҳаными! Иаҳзымдыркәа ҳаздырыз, ҳаҭаумҵан! Ауаҩра – ҩадароуп, аха адунеи ҳаразкуа ауми! Уи Аҧсуара иахәҭакми. Адунеи ҩадароуп рымҳәои, аҧсҭазара амҩа ду ҳаными, аха амҩа зырлашо ҳазшаз иами. «Гха ҟазымҵоз, гәнаҳа змамыз, Анцәа иуаа ззырҳәоз, агәыр ҧынҵа иқәгыланы ашьацәхыртәра зылшоз ауаа ҳархылымҵи!» – убас иҳәалон Ауыбла. Ҳазшаз ари Адунеиаҿ ахымҩаҧгашьа ҳақәиршәар – ҳаамҭа анааилак, нырцәы иҟоу Ҳаба дуқәа ҳацәыҧхамшьартә рыла ҳҭаҧшуа ҳҟамлои. «Шәааишьа бзиан, аха асҵәҟьа шәҳақәгәыҕӡомызт, ҳашәмырҧхашьеит, Адунеиаҿ ҳашьаҭа шәырҕәҕәеит!» – иаҳзырҳәар, нас, уи ауми иҳадыз наҳагӡеит захьӡу! Анцәа ихьтәы гәашә ҳҭалт захьӡу ауми! Ас иҳаҭәоушьозар Аҧсуа жәлар рзы ижәҩангәашәҧхьарами! Ҳшамкәа ҳазшаз Анцәа Ду Ухьышьаргәыҵа ҳакәыхшоуп, бла хаала уаҳхылаҧшла, Угәыразра ҳагыумыжьын. «Ҳхы ҳазмырхәауа ҳартәыумтәын, Зхы ҳазмырхәауа ҳархыхьумтәын!» – убас иҳәалон Ауыбла. Иа, Анцәа Ду! Аиашареи ацқьареи ҳмырҩашьо адырреи алшареи ҳзаашьҭы. Ҳлымшараҿы ачҳареи аҭышәынтәалареи ҳамаз. Убарҭ рнаҩс ҳалшареи ҳлымшареи аҿы агәҟәышреи агәеилгареи, гәи-гәаҵәеи, ахшыҩ ҵари ҳагумыжьын! Ҳазҭагылоу аамҭа еилаҳкаауа, аамҭа ҳацныҟәо, иаргьы ҳацныҟәо, амҩа қәнага ҳарба! Аҧсуа жәлар рыхьыӡ Адунеи иахыҵәо, ҳаззеилымкаауа – иҳаигәырҕьауа, ҳажәа иацныҟәо, ҳаргьы ҳажәа ҳахымҧо, Аҧсы цқьақәа ирҳәауа, иҳарҳәауа, иаҳзырҳәауа гәыла иҳадаҳкылауа, Ҧси-бзеи еицгәырҕьауа убас еиҧш иҟоу аамҭа иахаанхааит ҳауаажәлар! – убас иҳәалон Ауыбла, зыуаҩышәа жәлары рзы илабашьахаз. – Амин! – Анцәа иҳәааит! – Анцәа иуциҳәааит!